АЖӘАБЖЬҚӘА

Иахьа, мшаԥы 3, 89 шықәса ихыҵуан Аҧсны Жәлар рартист, Ахьӡ-аҧша аорден II-тәи аҩаӡара занашьаз Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба.
Иахьа 70 шықәса ихыҵит Аԥсни Адыгатәылеи зыҽрыԥсазтәыз артист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡареи «Агәымшәараз» амедали занашьоу, Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Ҭемраз Чамагәуа. 49 шықәса инеиԥынкыланы Ҭемраз Расим-иԥа ҳмилаҭтә культура амаҵ азиуеит – аҟазара злоу актиор ишиаҭәоу еиԥш, ааԥсара ҟамҵакәа, аспектакльқәа рҿы арольқәа наигӡоит.
"Адгьыл аҵаҿ ааԥынтәи асимфониа" захьӡу аклассикатә музыка аконцерт еиҿкаахоит Аҳәса жәларбжьаратәи рымшныҳәа аҽны Афонҿыцтәи аҳаԥаҟны. Ари ақәгылара абжьааԥнытәи аконцертқәа излареиԥшым, апрограмма шышьақәгылоу, иарбан гәалаҟароу ари ақәгылара аҭааҩцәа ирнаҭар алшо, амузыка ауаҩы иԥсҭазаара ишаныруа уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аконцерт иалахәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа артист, аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба.
Гәдоуҭатәи жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьардаа" Шәача имҩаԥысуаз афестиваль-еицлабра "Ахатә стиль" иалауреатхеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр атеатр аусзуҩцәа рымш рыдылныҳәалеит.
 Ԥхынҷкәын 27 рзы Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит аҟазаратә коллективқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи злахәу ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә концерт. Иалагоит асааҭ 18.00 рзы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥысуеит Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны Жәлар рпоет, аҵарауаҩ арккаҩ ду Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма 10.00 – Д. И. Гәлиа ибаҟа аҿаҧхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара; 11.00 – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбраҿ апоет ибаҟа аартра; 11.30 – Аҧсуаҭҵаартә институт…
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа иуацәеи иҭынхацәеи.
РУСДРАМ алахәхоит Иошкар-Ола имҩаԥгахо Урыстәылеи аҳәаанырцәтәылақәеи рҟынтәи аурыс театрқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль «Аиҩызара ацҳа».
Бедиатәи аныхабаа аҟны раԥхьатәи аконцерт хыркәшахеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа иналыгӡаз, еицырдыруа асоветтә композициа амотив иалхны «Бедиатәи ахәылԥазқәа» ала.

Абираҟ Амш

24 Ԥхынгәы 2024
Ԥхынгәы 23 рзы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Сегреи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтә С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ашҭаҟынӡа Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра иатәу аоркестр рыцны ажәлар рымҩасра мҩаԥысит.
Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Мариинтәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин.
Апрограммаҟны иҟоуп хә-концертк: Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Маритәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, адирижиор, Урыстәыла жәлар рартист Валери Гергиеви.
Цәыббра 30 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоу Алиса Гыцԥҳа ахԥатәи Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
1985 шықәса инаркны Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагаанӡа, Гагра араион Асовет Еидгылеи Аҳәаанырцәи иӡырызгоз ансмабль «Афырҭын» иахьагьы ашьаҭа ӷәӷәаны, хьӡи-ԥшеи аманы ԥхьаҟа иргоит ҩыџьа аиҩызцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.
Аусмҩаԥгатә иалахәын еицырдыруа апоетцәа Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа, Анатоли Лагәлаа, беиԥарала урҭ иреиҵбацәоу алаф азҟазацәа Алхас Чхамалиеи Адамыр Гәынбеи.
Еизаз ирзеиҭаҳәан Искандер иԥсҭазаареи ирҿиареи ртәы, аҳҭнықалақь аҩбатәии ахԥатәии ашколқәа рҵаҩцәа ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа ирыԥхьеит, Чик изку ажәабжьқәа рмотивқәа рыла атеатртә сценақәа ықәдыргылеит.
Гәлиа иеиҭагамҭоу Евангелие ахкьыԥхьаақәа хԥа ашәҟәыҩҩы диижьҭеи 150 шықәса аҵра аҳаҭыраз иҭрыжьраны иҟоуп.
Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны иалахәхоит Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуа Аиашахаҵаратә культуреи ажәлар рҟазареи VII Жәларбжьаратәи афестиваль.
Ҳаҭыр зқәу амузеи аусзуҩцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭ аныҳәа – Амузеиқәа жәларбжьаратәи рымш! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аџьабаа зцу шәусуразы, ҳҵасқәа шәрыцәхьамҵо, ҳҳәынҭқарра акультуратә ҭынха шәеиҷаҳаны иахышәыхьчо азы.
Аԥсны акультура аминистрреи Гәылиа илитература-мемориалтә музеии имҩаԥыргоит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра азгәаҭара иазку апроект.
200 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа.

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30            

АМИНИСТРРАЗЫ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра акультуреи, аҟазареи, аҭоурых-культуратә ҭыхна ахьчареи рус аҟны аҳәынҭқарратә политика аԥызҵо, насгьы иназыгӡо ихадоу ҳәынҭқарратә усбарҭоуп. 

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2025 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.