Иахьа Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашҭаҿы имҩаԥысит аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа ибаҟа аҿаԥхьа ашәшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. Аԥсуа шәҟәыҩҩы игәалашәаразы абаҟахьы имҩахыҵит аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, аҟазаратә, анаукатә интеллигенциа рхаҭарнакцәа. «Иахьа ишьахәу рыцхәуп – диит ауаҩы, зыда аԥсуа бызшәа, акультура, алитература, атеатр рыӡбахәа алацәажәара уадаҩу. Дырмит Гәлиа аԥсуа…